Кармен (аопера)
From Wikipedia, the free encyclopedia
«Карме́н» (афр. Carmen) — Ԥшь-актк рыла ишьақәгылоу Жорж Бизе иопера раԥхьатәи апремиера мҩаԥысит парижтәи «Опера-Комик» аҿы 1875 ш. хәажәкыра 3 рзы. Аопера алибретто рҩит – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Асиужет аԥҵоуп Проспер Мериме иновелла «Кармен» иалхны.
Аопераҿы ахҭыс мҩаԥысуеит Испаниа XIX ашәышықәса актәи азбжазы. Аперсонаж хадақәа: ацыган ҭыԥҳа Кармен, асержант Хозе, атореадор Есқамилио, Хозе изҳәаны итәоу аҭыԥҳа Миқаела. Урҭ ирҷыдангьы аопераҿы ицәыргоуп имаҷҩымкәа ихадам аперсонажцәа: афицарцәа, асолдаҭцәа, ацыганцәа, аконтрабанда ныҟәызго ауаа, атареадорцәа, атаверна аԥшәма, иара убас ауаа рацәа.
«Опера-Комик» аҿы Жорж Бизе и-«Џьамиле» қәҿиара анамоу ашьҭахь, уи ари аопера аԥҵаразы аҿаҵахьа ирҭеит, аамҭакалагьы алибретто аҩразы иалырхит Жак Оффенбах аус ицызуаз, еицырдыруаз ҩыџьа алибреттистцәа – Анри Мелиаки Лиудовик Галевии. Ԥыҭрак ашьҭахь аопера ҿыц атематика рыдигалеит иара Жорж Бизе ихаҭа. Аопера асиужет Мериме иновелла акырӡа иацәыхароуп, хазы иугозар, Миқаела лцәырҵрала, мамзаргьы Кармен лҟазшьа арҟәымшәышәрала. Арепетициақәа анцоз, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, акомпозитор изныкымкәа иԥсахит амузыка, иара убас алибреттогьы. Уи зыдҳәалаз, аоркестр мелодиақәак рынагӡара ахьацәыуадаҩхаз анаҩсангьы, асценаҿы агәымбылџьбарақәа дырбара ҭаацәаныла иахәаԥшуа ауаа ргәы ҿнакаауеит ҳәа иԥхьаӡаны, атеатр аиҳабыра шиқәыӷәӷәозгьы, Бизе асиужет аԥсахра ахьиҭахымыз ауп.
Акомпозитор | Жорж Бизе |
Алибретто зҩыз | Анри Мельиак и Людовик Галеви |
Алибретто абызшәа | Афранцыз бызшәа |
Асиужет ахыҵхырҭа | Проспер Мериме иновелла «Кармен» |
Ажанр | Иреалисттәу аԥсихологиатә музыкатә драма |
Ақәгыларақәа | 4 |
Хазы ипроблеманы ицәырҵит ароль хада анагӡаҩ лалхрагьы – еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы Кармен лроль анагӡара мап ацәыркуан. Мызқәак ицоз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь далырхит апремиератә спектакль аҿы Кармен лроль назыгӡаз - Селестин Галли-Марие. Арепетициақәа ирылагеит иазԥхьагәаҭаз аҿҳәара шықәсык анахыла ашьҭахь, 1874 шықәса жьҭаарамзазы. Убри азы апремиера амшгьы 1975 шықәса хәажәкыра 3 рышҟа ииаргеит. «Кармен» раԥхьатәи арбара аӡәык-ҩыџьак акритикцәа ишрыдыркылазгьы, илҵшәадахеит. Алибреттист Галеви ишигәалаиршәо ала, актәи ақәгылареи аҩбатәи ақәгылара абжа аҟынӡеи ахәаԥшҩы гәазыҳәарала идикылеит, аха нас ахәаԥшцәа «хьшәашәахо» иалагеит, аҵыхәтәантәи ақәгылара мҩаԥысит ахәаԥшцәа рзал зегьы еиқәышьшьы ҿымҭӡакәа иштәаз.
Жорж Бизе иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы – 1875 ш. лаҵара 3 – ари аопера 33-нтә иддырбахьан, аҵыхәтәантәи аспектакльқәа азал бжеиҳан иҭацәны имҩаԥысуан, аха анаҩс аопера иаҭаауаз рхыԥхьаӡара иазҳауа иалагеит.
Иаарласны аспектакль «Опера-Комик» арепертуар иалырхит; уи дырхынҳәит 1883 шықәсазы, акырӡа иԥсахны. Уи азы атеатр адиректор иӷәӷәаны акритика изыруит, аҵыхәтәангьы аоригиналтә сиужет атеатр ашҟа ирхынҳәын. Ашьҭахь «Кармен» ҩ-версиакны иқәдыргылон – иоригиналтәу «ацәажәаратәи», Бизе данԥсы ашьҭахь Ернест Гиро иаԥиҵаз «аречитативтәи». Анаҩс уи аҵыхәтәантәи алаҵәара ӷәӷәаны иаиуит. Уи аамҭазы аспектакль Европа ирацәаны ақалақьқәа рҿы иддырбахьан, Санкт-Петербурггьы уахь иналаҵаны.
«Кармен» раԥхьатәи ақәыргыламҭақәа збахьаз Пиотр Чаиковски ишиҩуаз ала, Бизе ирҿиамҭа – «ииашаны, шедевр цқьоуп, даҽакала иуҳәозар, епоха дук амузыкатә ҽазышәарақәа зегьы еиҳа иӷәӷәаны аныԥшра зқәашьхаз, иалкаау акык-ҩбак арҿиамҭақәа ируакуп. Жәабаҟа шықәса рышьҭахь «Кармен» адунеи аҿы зегь реиҳа аларҵәара змоу акакәхоит…». Анаҩс «Кармен» адунеи аҿы еицырдыруа иҟалеит, уи аопера нарыгӡон аопера аеҵәақәа аӡәырҩы. Убас, Ниу-Иорк Хозе ипартиа наигӡон Енрико Карузо (1906 инаркны 1919 рҟынӡа). Аопера ақәҿиара ду аиуит Германиа. Уи уаҟа иазыӡырҩуаз рхыԥхьаӡараҿы иҟан Отто фон Бисмарки Фридрих Ницшеи, уимоу аҵыхәтәантәи иажәақәа рыла, Бизе ирҿиамҭа анырра ӷәӷәа инаҭеит. Урыстәылеи Асовет тәылаҿи «Кармен» изныкымкәа иқәдыргылахьан. Ароль хада назыгӡоз еицырдыруаз ашәаҳәаҩцәа ирылыркаауан Вера Давыдова, Надежда Обухова, Елена Образцова, Тамара Синиавскаиа, Ирина Архипова.
Ишазгәарҭо ала, ари аопера адунеи зегь аҿы еицырдыруа иҟалеит иаҵоу агармониеи, иидеалтәу аоркестровкеи, музыка бызшәала адраматургиа иақәшәаны, ииашаҵәҟьаны азнагареи рыла. 1890 шықәсқәа инадыркны ари аопера изныкымкәа иҭарҩуан еиуеиԥшым аныҟәгагақәа рҟны. Жорж Бизе и-«Кармен» ашьаҭала иаԥырҵон еиуеиԥшым авариациақәа, урҭ ируакуп Радион Шьчедрин еицырдыруа ибалет «Кармен-сиуита».