Драндатәи ауахәама
From Wikipedia, the free encyclopedia
Драндатәи ауахәама (ақырҭ. დრანდის ტაძარი) — Аԥсны VI-VII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ақырҭуа архитектуратә баҟа. Игылоуп Гәылрыԥшьтәи амуниципалитет Дранда ақыҭан, Кәыдры аӡиас арӷьарахьтәи аҟәараҟны, ахәы ихықәгылоуп. Вахушьти Батонишьвили абри ауахәама иазкны иҩит:
«Дранда ақыҭан ауахәама иҟоуп, ашьхаҿы, ахыбхагьежь ахагылоуп, иссируп. Аепископ дтәоуп, Кәыдри Анаҟәаԥиеи рыбжьара аҭыԥ иахылаԥшуа.» | |
Ауахәама аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Иргылоуп ақьырмыт ала, ахаҳә дуқәа бжьаҵаны. Елементқәак рыла Мцхеҭа иҟоу Џьвари иеиԥшуп. Ауахәама аплан ааизакны агәҭаҟны аргьыжь зҭаҩу аџьар аԥшра амоуп. Аџьар амаӷрақәа рыхԥагьы акәакьҭаиаша аформа рымоуп. Акәакьқәа рҿы иҟоу ауадақәа агежь аформа рымоуп. Ауадақәа аладахьалагьы аҩадахьалагьы аҩналарҭақәа рымоуп. Адәахьала аџьар акәакьҭаиаша аформа амоуп, мрагыларахьала иадуп агежьбжатәи аԥсидқәа. Акупол ала ихыркәшо абарабан аркақәа рыла иеидҳәалоу ашьаҟақәа ирықәууп. Ахыб хыхьтә ахәҭаҟны иҟоуп 30 рҟынӡа макьаҭ, урҭ рхронологиатә ҳәаа IV-VII ашәышықәсақәа рыбжьара иҟоуп. Амакьаҭқәа рыҭҵаареи Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама арыцхәи иазԥхьагәаҭаны, ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI-VII ашәышықәсақәа. Иара, аргыларатә техникеи, аплани, апропорциақәеи рыла византиатәи архитектуратә баҟақәа иреиԥшуп, аха уи аргылаҩ, ақырҭуа архитектуразы иҟазшьарбагоу елементқәакгьы ихы иаирхәит, лымкаала, Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама еиԥшҵәҟьа, араагьы мрагыларахьтәи афасад аҿы иҟоу аԥсидқәа рыхԥагьы ахыргьагьақәа рыла еидҳәалоуп.
Аурыс ҭҵааҩцәа агәаанагара рыман абри ауахәама, инақәыршәаны, VIII–X (Павлинов), XI (Толстои, Кондаков) ашәышықәсақәа рзы иргылан ҳәа. Ауахәама архитектура анализ азызуз Г. Чубинашвили игәы ишаанаго ала, уи Мцхеҭа иҟоу Џьвари (VI ашә.) иеиԥшуп, аха, лабҿаба иубарҭоуп уи ақырҭуеи авизантиатәи асахьаркыратә еилементқәа ахьеилоу ихьыԥшым аргыламҭа шакәу. Абри агәаанагара дақәшаҳаҭуп Л. Рчеулишвилигьы. Е. Ноибауер игәаанагарала, ауахәама IX ашәышықәса иаҵанакуеит. Аҟазараҭҵааҩы Русудан Меԥисашвили лгәаанагарала, ауахәама иргылан VIII ашәышықәса анҵәамҭазы, „аԥсуаа“ раҳра анышьақәгылоз аамҭазы. М. Хотелашвилии А. Иакобсони ргәаанагарала, ауахәама андыргылаз арыцхә ашьақәыргыларазы аҵакы ду амоуп уи аргыларатә материалқәа иреиу, V–VI ашәышықәсақәа ирыҵанакуа акерамика. Убри аҟынтә, М. Хотелашвилии А. Иакобсони ауахәама VI ашәышықәсазы иргылан ҳәа ирыԥхьаӡоит. И. Берӡенишвили игәаанагарала, ауахәама иргылан VI ашәышықәса анҵәамҭеи VII ашәышықәса алагамҭеи азы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI–VII ашәышықәсақәа.